Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСостоялась расширенная встреча с участием глав ведомств Абхазии и Южной Осетии
Состоялась расширенная встреча с участием глав ведомств Абхазии и Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа атәыла ахада раԥхьа дыргыланы.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. 
Аиԥылара аартуа, Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы Анатоли Бибилов иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа дахьааз, ҳауаажәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш ахьрыдиныҳәалаз.
"Ҳара ашәышықәсақәа иргәылганы иаагоит ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа, аҭоурых ду ҳаиднакылоит, изызҳауа аҿар урҭ рымадаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит", - иҳәеит иара.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/2
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
2/2
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
1/2
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
2/2
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа
Анатоли Бибилов Аԥсны иқәынхо ауаажәлар зегьы агәабзиареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
"Аԥсуа жәлар зегьы иднарбеит аибашьраҿы аиааира агара шрылшо, аҭынч ԥсҭазаараҿгьы, аҳәынҭқарра аргылараҿгьы аиааира агара шалшо днарбалоит", - иҳәеит иара.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иазгәеиҭеит аҩреспубликак адәныҟатәи аусқәа рзы рминистррақәа ибзианы аус шеицыруа, агәыӷрагьы ааирԥшит акультура аганахьалагьы аусеицура шдырҭбаало. 
Бибилов инацҵаны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртеатрқәа еиҭанеиааир шыбзиаз.
Анаҩс аиԥылара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0