Руслан Ҳашыг Аҟәа иҟалаз аимак аҭышәныртәаларазы ажәалагалақәа ҟаиҵеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Руслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Азинхьчаҩцәеи, Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара аимак ҟалеит цәыббра 30 ауха Аҟәа аԥшаҳәаҿы, Аиааира амш азгәаҭара ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла, еицырдыруа аԥсуа журналист Руслан Ҳашыг Азинхьчаҩцәеи, Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, аӡҩыбжьатәи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз аимак ахҳәаа аиҭеит.
Пресс-конференция ветеранов ОВНА в связи с инцидентом 30 сентября 2021 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
"Аруаа" ааԥхьара ҟарҵеит цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс иахҟьаны ауаа амитинг ахь ицәырҵырц 
Аԥсны Апрокуратура хада агәаҭара мҩаԥнагоит цәыббра 30 ауха иҟалаз ахысра инамаданы. Ашьаусԥшаара аверсиала, Апарламент адепутат Гарри Кокаиа уи ауха аҳауахь дхысит, иара убас апрокуратура азинтә хәшьара анаҭароуп аҭыԥ ахь инеиз азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа.
"Аԥсны иарбанзаалак аимак акризис ахь икылнагоит. Атәыла аиҳабыра иақәнагоу аӡбамҭақәа ианаамҭоу ианрыдрымкылалак, акризис аҳәынҭқарразы ишәарҭахоит. Уи ус шакәу аилкааразы аҿырԥштәқәа ҳбоит аҵыхәтәантәи ҩажәашықәса раахыс ҳзықәшәақәахьоу ҳанрыхәаԥшлак", - ҳәа Facebook аҿтәи идаҟьаҿы Ҳашыг. 
Уажәтәи аҭагылазаашьазы, атәыла аиҳабыра амахәҭақәа ҩба рхаҭарнакцәа аимак ианалахәха, ааха зауз рхыԥхьаӡараҿы аибашьра аветеранцәа аныҟала, абжьааԥны иҟаҳамҵац ҟаҳҵароуп ҳәа иԥхьаӡоит ауаажәларратә усзуҩ. 
Иара убас иазгәеиҭеит абарҭ рҩызцәа ахҭысқәа раан ауаажәларра рыбжьара изхароуи изхарами реилыргара ишалаго.
Анаҩс Ҳашыг аполитикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәамхартә азы, аусҭҵаара обиективла ишымҩаԥысуа ауаа ихарҵарц азы акымкәа-ҩбамкәа ажәалагалақәа ҟаиҵеит:
  • аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала аамҭала русураҟынтәи ашьаусҭҵаара ахьынӡацо рхы иақәиҭитәуеит ААР аҟны аиҳабырақәа змоу амаҵурауаа;
  • ахада аамҭала аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ашьаусҭҵаара ахьынӡацо ихы дақәиҭитәуеит;
  • аимак иалахәу Апарламент адепутатцәа рылакьымсразы ирымоу азин аамҭала рхыхразы апроцедура аԥшьыргоит; 
  • адепутатцәа рылакьымсразы ирымоу азин аамҭала рхыхразы апроцедура аԥшьрымгазар, убри аан ахада аминистр иусураҟынтә аамҭала ихы дақәиҭитәхьазар, Апарламент ахатәы ӡбамҭала зганахьала Апрокуратура хада аматериалқәа аланагало адепутатцәа рылакьымсразы рзин рыхнахуеит;
  • аполитикатә партиақәеи аветерантә еиҿкаарақәеи аимак иалахәу амаҵурауаа русура аамҭала ианамху аамҭазы аполитикатә акциақәа рымҩаԥгара мап ацәыркроуп Аԥсны Апрокуратура хада ашьаусҭҵаарақәа мҩаԥнагонаҵы.
Ажурналист иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра иахәо ҟарҵар рҭахызар, "абарҭ ашьаҿақәа иацгьы иҟаҵатәын", аха иахьагьы макьана ихьшәаӡам, атәыла ашәарҭадара азҵаара хшыҩзышьҭра ауҭозар.
Ажәабжьқәа зегьы
0