Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аветеран-арепатриант Бганба Аԥсны анхарҭа шиоуз

© Sputnik / Марианна Кубрава Алпер Бганба
Алпер Бганба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Ҭырқәтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз Альԥер Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны анхара иара изы ҵакыс иамоу, дзыргәырӷьо, игәы изырхьуа атәы.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы гәыԥҩык аибашьра иалахәыз арепатриантцәа анхарҭа ҭыԥқәа рырҭеит. Ус еиԥш аӡбамҭа рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны. Асиаҿы иарбоуп 30 жәла. Ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, урҭ аԥарашәара рхыхуп, аусдҵа анагӡашьа хылаԥшра азнауеит Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аветеран-арепатриант Бганба Аԥсны анхарҭа зауз
"Исгәаԥхоит даара (ирҭаз анхаразы - азгә.), ибзианы ҳанхоит. Исгәамԥхаргьы, Аԥсны сыҟоуп, уи еиҳау гәырӷьара сымаӡам. Хар амамкәа иҳауит ҩ-уадак змоу ауаҭах, саргьы ишсылшоз нап адыскылеит. Зегь реиҳа ихадоу - аҩны, Аԥсны сыҟоуп, убри ауп зегь реиҳа игәырӷьароу", - иҳәеит Бганба.
Инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәазыӡырҩыр ҟалоит:
Бганба ишәҟәы "Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан" азы: аибашьра аҭоурых аҿар рзы ианысҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0