Натали Смырԥҳа адепутатцәа рыламкьысра рхыхра даҿагылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНатали Смыр
Натали Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәит. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Апарламент адепутат Натали Смырԥҳа адепутатцәа рыламкьысра рхыхра даҿагылоит. Абри атәы лҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа аусутә еилацәажәараҿы.
Лара илҳәеит лколлега Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа дшадымгыло, аха "Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рыпҟара ҟалашьа змам усуп" лҳәеит лара.
Аԥсны ААР анапхгара рус рацәхьакраз ахада иӡбамҭа ииашоуп ҳәа азгәалҭеит Смырԥҳа.
Аусутә еилацәажәара иалахәуп Апрокурор хада Адгәыр Агрба, ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьба, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Валерий Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Кәарҷиа аветеранцәа злахәыз ахҭыс аганахь ала имҩаԥгоу ауснагӡатәқәа ахәшьара риҭеит
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины закәаншьаҭада имаз автомат "Калашников" ала ахысра далагеит, анаҩс аҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы  ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә визит аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0