Шьаҿа ӷәӷәала дныҟәарц: Аслана Џьынџьалԥҳа лзы аԥара еизгатәуп

Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара. Аоперациа амҩаԥгаразы миллионки фышә нызқь мааҭи аҭахуп.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ирыланаҳәеит Аслана Џьынџьалԥҳа лоперациазы аԥареизгара.
Бжьышықәса рыҩныҵҟа Аслана лыхәышәтәразы 23-нтә аԥареизгара мҩаԥысхьеит. Лара москватәи аклиникаҿы акурсқәа дырхыслароуп. Аслана ԥшь-операциак лхылгахьеит, ахәшәтәратә терапиа дахысхьеит лыбаҩқәа рырӷәӷәаразы.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0