Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин жьҭаара 7 азы 69-тәи иирамш азгәеиҭоит.
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иира амш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу Аԥсны ажәлар рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи шәиирамш шәыдысныҳәалоит. Шәара адунеитәи аҭоурыхтәи ҟазшьа зманы иҟоу ԥхьагылаҩуп. Шәара шәнапхгарала Урыстәыла аиҭаҿиара амҩа ианылеит, адунеи аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи жәларбжьаратәи азин апринципқәеи рыхьчараҿы ароль хада назыгӡо ҳәынҭқарра дуны иҟалеит ", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Путин ихаҭаратә лагала Аԥсны асоциал-економикатәи, акультуратәи, агуманитартәи аҿиараҿы, ашәарҭадара арӷәӷәараҿы. Бжьаниа иҳәеит асеиԥш ашьаҭа ӷәӷәа змоу Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизыҟазаашьа аҿиара ԥхьаҟагьы ишацло.
Аԥсны ахада урыстәылатәи иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиареи аҳәынҭқарратә усқәа рымҩаԥгараҿы ақәҿиарақәеи.
Владимир Путин диит жьҭаара 7 1952 шықәсазы Ленинград, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иҭаацәараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0