Аԥсны цәыббрамзазы аҳазалхратә шәарақәа рыплан 70% рыла еиҳахеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДенежные купюры и монеты
Денежные купюры и монеты - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәса жәымзтәи арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа миллиардки 954 нызқьмааҭ ҟалеит.
АҞӘА, жьҭаара 7- Sputnik. Аԥсны аҳазалхыҩцәа цәыббрамзазы рыплан нарыгӡеит 174 % рыла ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы асаит.
Аԥсны аҳазалхыҩцәа цәыббрамзазы ареспублика абиуџьет иахырыԥхьаӡалеит 284 миллиони 700 нызқьмааҭ. Аҳасабырбатә мза аплан 163 миллиони 600 нызқьмааҭ ыҟан.
2021 шықәса жәымзтәи арбагақәа рыла аҳазалхратә шәарақәа миллиардки 954 нызқьмааҭ ҟалеит. Аплан нагӡан 139 %.
Абри аамҭа ҵыԥхтәи ашықәс иадукылар, ашәарақәа  665 миллион мааҭ еиҳахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0