Анхәа аҭыԥ змаз адгьылҳәазара арӷәӷәаразы аусурақәа ирылагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнакопийская крепость.
Анакопийская крепость. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
Анапаҵаҩра
30 - 70 метра аҵакны 2021 шықәса аԥхынразы адгьыл ҳәазеит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан.
АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Анхәа аҭыԥ змаз адгьылҳәазара арӷәӷәаразы аусурақәа ирылагоит иааиуа амчыбжь азы, ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" анџьныр хада Иури Воробев.
29 марта в Министерстве экономике состоялось совещание по вопросам устранения последствий оползня в городе Новый Афон. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Озган Афон ҿыц адгьылҳәазара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы анапынҵа ҟалҵеит
"Иацы азаахә ҳарҭеит. Изныкымкәа аҭыԥ аҿы ҳнеины аҭагылазаашьа ҭаҳҵаахьеит. Уажәшьҭа апроектҟаҵаҩцәеи ҳареи ҳаилацәажәараны ҳаҟоуп, нас атехника хаҳгалоит. Иҳәазаз адгьыл амҩа ахықәаҿ иҟоуп. Ааигәа-сигәа ауаа нхоит, џьоукы-џьоукы рыргыларақәагьы адгьыл иагеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Воробев ишиҳәаз ала аҟазауаа адгьыл агеологиатә ҭҵаара мҩаԥыргоит. Урҭ рылкаақәа апроектҟаҵаҩцәа ирырҭоит аусурақәа рымҩаԥгашьа ашьақәыргыларазы.
Макьаназы иӡбоуп абетон ҭыӡқәа ҩба рышьҭыхра. Воробев ишиҳәо ала ари 17 миллион мааҭ иаԥсоуп. Апроект нарыгӡоит Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа.
2021 шықәса аԥхынразы 30 - 70 метра аҵакны адгьыл ҳәазеит Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0