Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Археолог Сангәлиа: аҳамҭақәа ирҳамҭоуп ҳазлаҟоу ҳаиӷьны, бзиа ҳаибабо аҟазаара

Археолог Сангәлиа: аҳамҭақәа ирҳамҭоуп ҳазлаҟоу ҳаиӷьны, бзиа ҳаибабо аҟазаара
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 9 азы 60 шықәса ихыҵит аҵарауаҩ, археолог, Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Гарри Сангәлиа. Аиубилиар арадио Sputnik аефираҿы еиҭеиҳәеит иирамш дшазыҟоу, 60 шықәса ирылагӡаны дзыхьӡаз рҟынтәи иаликаауа, насгьы гәҭакқәас имоу.
"Зегь раԥхьа иргыланы, ҵарауаҩк иаҳасабала исылшаз митәӡак ыҟамзаргьы, аҩызцәа ҿарацәа еидыскылаз ыҟоуп. Еиуеиԥшым аартрақәа ыҟан, сшыҷқәыназ анапхгарахь сиарго иалагеит. Насгьы археологиа атәы ҳҳәозар, ажәытәра аҩырақәа злаҟам ала, аҭакԥхықәра дуӡӡа аманы иҟан абаҟақәа рхылаԥшра... Аибашьраҟны иҳацәҭахеит ҳҩызцәа, анаҩс ироуз ахәрақәа, ачымазарақәа ирыхҟьаны иҳацәцаз ҳҩызцәа ыҟоуп. Зегь акоуп, аӷьырак усҟан ҳаидгыланы иҟаҳҵаз ашьаҭара аиуит иахьатәи аамҭазы, аҿарацәа еидгыланы ианыҟалалак ираҳҳәаша ҳауратәы, иҵегьы ҳаиднакыларатәы, иҵегь ҳарӷәӷәаратәы", - иҳәеит Сангәлиа.
Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0