Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арсалиаԥҳа "Аиҟәгара-аҟазара" иазкны: аҽалархәхаразы агәаҳәара зызцәырнагаз маҷым

Арсалиаԥҳа "Аиҟәгара-аҟазара" иазкны: аҽалархәхаразы агәаҳәара зызцәырнагаз маҷым
Анапаҵаҩра
Онлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара-аҟазара" акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы апроект аихшьаалақәа ҟалҵеит.
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә маҵзура Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицеиҿыркааз аонлаин-цәыргақәҵа. Уи иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа аҟазацәа. Ацәыргақәҵа шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
"Апроект амҽхак ҭбаан. Асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыдагьы, дара рыхшыҩзышьҭрақәа, дара изызхәыцуаз - ачымазара, аҟазара, аныԥшуан аҟынтә апроект харҭәаан. Сара изласгәасҭаз ала, апроект анхҳаркәша, зҽалазырхәырц зҭаххаз еиҳа еиҳахеит, егьырҭ атәылақәа рҟны инхо ҳара ҳсахьаҭыхыҩцәа роума, Аԥсны инхоз, аха уажәы Урыстәыла аус зуа, имаҷӡам агәаҳәара зызцәырҵыз. Ҳәарада, ацәыргақәҵа уаҭаан асахьа уадгыланы ацәаныррақәа ицәырҵуа, онлаин проекти иузцәырнаго еиԥшымзаргьы, иахьатәи ҳара ҳҭагылазаашьаҿы абас еиԥш иҟоу альтернативтә форма иацҵатәуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0