Харитон Агрба техникатә нокаутла ареитингтә қәгылараҿы даиааиит

© Foto / предоставил Харитон Агрба Харитон Агрба
 Харитон Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анапаҵаҩра
Уфа имҩаԥысыз абокс ахәылԥаз Ареспублика Башкыртыстан Амш ахьӡала имҩаԥган. Ахәылԥаз аҿы дықәгылеит Харитон Агрба.
АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба жәа-раундк иҟаз ареитингтә қәгылара мҩаԥигеит. Иара диндаҭлеит Европатәи ахәмаррақәа-2019 рҟны араӡны занашьахаз, урыстәылатәи аспортсмен Андреи Маик.
Уаанӡа Харитона Агрба хә-еиԥыларак мҩаԥигахьан апрофессионалтә ринг аҿы. Дара зегьы иааирала ихыркәшан. Аурыс спортсмен бжьынтә дықәгылахьеит, бжьынтәгьы даиааихьеит.
Актәи араунд инаркны Харитон Агрба аԥыжәара игеит. Андреи Маик аиҳарак ихы ихьчон.
Аԥхьа Маик аласра ааирԥшуазаргьы аамҭа цацыԥхьаӡа имчқәа еиҵахон. Хә-раундк рышьҭахь Андреи Маик ақәгылара ацҵара мап ацәикит. Харитон Агрба техникатә нокаутла диааиит.
Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, абокс азы Адунеи ахраҿа араӡны ԥхьахә ианаршьахьеит, европатәи ахәмаррақәа рҟны араӡны ԥхьахә даԥсахахьеит, Урыстәыла ачемпионатқәа рҟны ҩынтә аԥхьахә иоухьеит, астудентцәа рыбжьара ҩынтә адунеи дачемпионхахьеит, атитулқәа WBA-Fedecaribe, WBA Continental имоуп. Апрофессионалтә ринг аҿы 2019 шықәса раахыс дықәгылоит. Апрофессионалтә ринг аҿы хәынтә дықәгылахьеит, рыхәынтәгьы аиааира игеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0