Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Ҟарабах ихьԥшым тәылак аҳасабала: ихыбгалеит Ермантәыла ицәырҵыз апроект

Ҳагба Ҟарабах ихьԥшым тәылак аҳасабала: ихыбгалеит Ермантәыла ицәырҵыз апроект
Анапаҵаҩра
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит шықәсык аԥхьа Ашьха Ҟарабах имҩаԥысыз аибашьра алҵшәақәа, аимак аҷыдарақәа ртәы.
Шықәсык аԥхьа Ашьха Ҟарабах аимак хацыркхеит. Цәыббра 27 рзы иалагеит уаҟа 44 мшы ицоз аибашьра. Уи алҵшәақәа рыла Азербаиџьан анапаҵаҟа иҟалеит Ашьха Ҟарабах ареспублика ахәҭа ду. Аерман ган иацәыӡит ԥшьнызқьҩык инареиҳаны ауаа, 11 нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, жәанызқьҩыла Ҟарабах инхоз хыҵакырҭада иаанхеит. Азербаиџьан акәзар, аофициалтә дырраҭарақәа инарықәыршәаны, х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ауаа ацәыӡит.
"Ари акыраамҭа зхыҵуа Ашьха Ҟарабах аиҿагыларатә форма змаз хҭысны иҟан, уи Асовет Еидгыла аҟынтәи иаауан. Уамашәа иубаратәы иҟоуп 29 шықәса зхыҵуаз аиҿагылара абас иаалырҟьаны алҵшәа шаиуыз. Исгәалашәоит урҭ аиҿагыларақәа раԥхьа ишалагоз , Бақәатәи аполитологиа аинститут сҭалеит усҟан…Ихьыԥшым аҳәынҭқарра Ермантәыла апроект раԥхьа Ҟарабах ауп иахьцәырҵыз ҳәа уҳәар ауеит. Ари Ҟарабах иқәынхоз аерманцәа аҩнуҵҟатәи рпроблема акәӡамызт, ари Ермантәылатәи рпроект ауп… Автономтә шьықәгылара аформа иҟаз уажәшьҭа излагәарҭо иҟалаӡом. Азербаиџьан аԥыжәара ргеит, аибашьраҟны иаиааит. Аиҳабацәа изларҳәо ала, абри апроект ( Ашьха Ҟарабах ареспублика ихьԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала-азгәаҭа) уажәшьҭа зынӡаск азҵаара иалацәажәараны иҟаӡам, иалацәажәом иара автономтә статусгьы. Даҽа цәырҵракгьы ҟалеит абра уаанӡа аҭыԥ змамыз, Ҭырқәтәыла иӷәӷәаны аҽцәырнагеит", - иҳәеит Ҳагба. Иара убасгьы дырзааҭгылеит Ҟарабах аҭыԥ змаз егьырҭ аҷыдарақәа.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0