Гагра асезон маҷ аан иреиӷьу аԥсшьарҭатә хырхарҭақәа жәаба ирыҵанакит

© SputnikКолоннада в Гаграх
Колоннада в Гаграх   - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит жьҭаара-абҵара амзақәа раан еиҳа хәмаҷла аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа.
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Гагра жьҭаара-абҵара амзақәа раан еиҳа хәмаҷла аԥсшьара ахьалшо аҭыԥқәа ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Ареитинг аҿы аԥхьагылара рымоуп Иалта, Шәача, Питер. Аԥсшьараз зегь раасҭа иалырхуа ахырхарҭақәа 10 ирыҵанакит: Москва, Казан, Кисловодск, Калининград, Ростов, Суздаль.
Tvil.ru астатистика ала атуристцәа 2-8 уахы азы аҿаҵарақәа ҟарҵоит, уахыки-ҽнаки рыла иазыхиоуп 1,5 - 3,7 нызқьмааҭ ашәара. Еиҳа ахәқәа лаҟәуп Гагра, иҳаракуп – Суздаль.
Иалкаау ахырхарҭа хадақәа:
Иалта - 2 819 мааҭ / 6 у *
Шәача - 1 909 мааҭ / 8 у
Санкт-Петербург - 2 518 мааҭ / 4 у
Москва - 3 500 мааҭ / 3 у
Казань - 3 320 мааҭ / 3 у
Кисловодск - 1 682 мааҭ / 7 у
Гагра - 1 477 мааҭ / 8 у
Калининград - 1 757 мааҭ / 7 у
Ростов-на-Дону - 2 622 мааҭ/ 2 у
Суздаль - 3 709 мааҭ / 2 у
* Уахыки-ҽнаки рзы абжьаратә хәԥсақәа
50% атуристцәа ҭагалан ҩыџьа-ҩыџьала иныҟәоит, 21% – рхала, 12% - ҭаацәала, ҳәа аанацҳауеит асаит. Аотельқәа рҿы иаангылоит– 68%, ауадақәа амырхуеит – 26%.
Ажәабжьқәа зегьы
0