Аӡбарҭа адепутатцәа рхысра инадҳәаланы аматериалқәа рыҭҵаара иалагеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Верховный суд
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 11 азы Апрокуратура хада алаҳәара ҟанаҵеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа рҟынтә амч ахархәареи, Апарламент адепутатцәа рҟынтәи амчра аусзуҩцәа рганахь ала ахымҩаԥгашьа бааԥси абџьар закәаншьаҭада амазаареи рзы имҩаԥгаз аусҭҵаараԥхьатә гәаҭара алкаақәа рзы.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аусеилыргара иалагеит Жәлар реизара адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмысхан Арӡынбеи румҭаҿы ашьаус-харадҵаратә ҟазшьа аҟазаара аилкааразы ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Верховный суд Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Апрокуратура хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь анашьҭымҭа дәықәнаҵеит
Апрокуратура хада адыррақәа рыла цәыббра 30 ауыха Гарри Кокаиа иумҭа ахәҭаҷқәа ҩба – абжьахрақәеи амчра ахаҭарнакцәа ахьымӡӷ дыргареи ирыҵаркуеит. Адепутат Арӡынба иумҭа – Аԥсны ААР аҿаԥхьа 20 - нтә ахысра - абџьар закәаншьаҭада амазаара, аҵәахра, аныҟәгара рыхәҭаҷ иаҵанакуеит.
Адепутатцәа рдукатцәа Марина Ҭаниаԥҳаи Нонна Смырԥҳаи аҳәара ҟарҵеит агәаҭаратә материалқәа рыҭҵааразы аамҭа рыҭазарц. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбарҭатә коллегиа, аӡбаҩцәа Роман Кәарҷиа, Есма Қорсаиа, Лиа Адлеиаԥҳа ари иақәшаҳаҭхеит.
Анаҩстәи аилатәара мҩаԥгахоит 2021 шықәса жьҭаара 15 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0