Гинцбург: "Спутник Лайт" COVID-19 аҟынтә фымзынӡа уахьчар ҟалоит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыездная вакцинация в салоне красоты в Новосибирске
Выездная вакцинация в салоне красоты в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 хьанҭаны изхызго рыбжьара Урыстәыла 0,03 процентк роуп алаҵа змаз. Аиҳарак ахәышәтәырҭа иҭоу алаҵа рымаӡам.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. "Спутник Лайт" COVID-19 аҟынтә фымзынӡа уахьчар ҟалоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иааганы.
ВОЗ уажәтәи астандартқәа рзы иазхоны иҟоупацәеижьҿагыла IgG —300 BAU рҟынӡа.
"Ари адиапазон "Спутника V" ахархәараан ауп еиҳа иануԥыло, "Спутник Лайт" асеиԥш алаҵа ззыҟаҵоу рзы хра змоу категориоуп, аиммунитет иазнарҳауеит 6-7 мзы рҟынӡа", - ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Иара игәаанагарала аеффект аамҭарацәара хра алоуп аштамм "дельта" аан.
"Спутник Лаит" адунеи аҟны ахархәара зырҭо алаҵақәа рыбжьара хра змоу лаҵоуп" ҳәа иҳәеит Гинцбург.
Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Урыстәыла Агәабзиарахьчара ахада COVID-19-и аимҳәеи лаҵак ала рҿаԥҽра атәы далацәажәеит
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа хәба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩуп. Жьҭаарамзазы ашәҟәы иҭаргалеит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит.
Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт".
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0