Ишԥеидшәылоу ажьымжәа: Гәымсҭа ахықәан ажь шырҭаауа

Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу амзазы аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иатәу аӡахәаҭрақәа рҟны ажьҭаара иаԥскымҭоуп.
Гәымсҭа ахықәан иҟоу аӡахәаҭраҿы аусура ҩнапыкла иаҿуп. Ара 70 гектар адгьыл аҿы еиҭаҳауп ҩынҩажәа раҟара ажьхкқәа. Урҭ реиҳарак Европа атәылақәа жәпакы рахьынтә иааргеит ишанаало гәарҭаразы.
Ара аус зуа реиҳараҩык аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп, иара убас иҟоуп аҳәаанырцәынтә усура иаазгьы.
Дара русушьа маншәаланы имҩаԥысуеит рҳәоит, калаҭк ажь азы 60 мааҭ рзыршәоит, аџьабаа ԥыҭк убаргьы, ԥарак урҳауеит, уҭаацәагьы ныҟәугоит.
Ирҭааз ажь зегьы џьарак иҭаԥсаны, атрактор иацраҳәаны азауад ахь иргоит, уа нас уи аҩы алырхуеит.
Сынтәа ажь еиҳа имаҷуп ҵыԥх аасҭа рҳәоит аусуҩцәа, уи аԥхынра ақәа рацәаны иахьауаз ауп ҳәа азгәарҭоит. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы амш еилгеит, аԥхаррақәа ҟалеит, амра бзианы иахьыԥхо азы, ажьгьы ибзианы иӷырлеит, аҭаарагьы маншәалахеит рҳәоит дара.
Ажәабжьқәа зегьы
0