Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакоба иԥсҭазаареи иҭахареи

Анапаҵаҩра
Аԥсны еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакоба дҭархан ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы.
Нестор Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҟны.
Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны. 1905 шықәсазы, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анцәахаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа дрыцәтәымын, иара изааигәан ареволиуциа иадҳәалаз зегьы.
Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакоба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.
Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакоба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.
Нестор Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден Асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.
Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакоба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.
© Foto / музей Нестора Лакоба

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакоба дҭадырхеижьҭеи 86 шықәса ҵит.

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакоба дҭадырхеижьҭеи 86 шықәса ҵит. - Sputnik Аҧсны
1/18

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакоба дҭадырхеижьҭеи 86 шықәса ҵит.

© Foto / Государственный музей Нестора Лакоба

Иара диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

Иара диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. - Sputnik Аҧсны
2/18

Иара диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

© Foto / музей Нестора Лакоба

Лакоба илымҳа иаҳаӡомызт аҟнытәи Адагәа ҳәа ишьҭан.

Лакоба илымҳа иаҳаӡомызт аҟнытәи Адагәа ҳәа ишьҭан. - Sputnik Аҧсны
3/18

Лакоба илымҳа иаҳаӡомызт аҟнытәи Адагәа ҳәа ишьҭан.

© Foto / Государственный музей Нестора Лакоба

Нестор Лакоба иқәра шмаҷыз аԥсуа жәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра дашьҭалеит.

Нестор Лакоба иқәра шмаҷыз аԥсуа жәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра дашьҭалеит. - Sputnik Аҧсны
4/18

Нестор Лакоба иқәра шмаҷыз аԥсуа жәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра дашьҭалеит.

© Foto / из личного архива Батала Джапуа

1911 шықәсазы имҩаԥигоз ареволиуциатә пропоганда иахарҟьаны Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭырцоит.

1911 шықәсазы имҩаԥигоз ареволиуциатә пропоганда иахарҟьаны Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭырцоит. - Sputnik Аҧсны
5/18

1911 шықәсазы имҩаԥигоз ареволиуциатә пропоганда иахарҟьаны Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭырцоит.

© Foto / Государственный музей Нестора Лакоба

Лакоба СССР еицырдыруаз аполитикцәа рыгәҭа дыҟан. Асахьаҟны: 1935 шықәса, апартиатә конференциаҟны Нестор Лакоба, Лавренти Бериа, Агаси Ханджиан

Лакоба СССР еицырдыруаз аполитикцәа рыгәҭа дыҟан. Асахьаҟны: 1935 шықәса, апартиатә конференциаҟны Нестор Лакоба, Лавренти Бериа, Агаси Ханджиан  - Sputnik Аҧсны
6/18

Лакоба СССР еицырдыруаз аполитикцәа рыгәҭа дыҟан. Асахьаҟны: 1935 шықәса, апартиатә конференциаҟны Нестор Лакоба, Лавренти Бериа, Агаси Ханджиан

© Foto / музей Нестора Лакоба

Сергеи Орџьоникиӡе, Семион Будионныи, Георги Пиатаков, Нестор Лакоба.

Сергеи Орџьоникиӡе, Семион Будионныи, Георги Пиатаков, Нестор Лакоба. - Sputnik Аҧсны
7/18

Сергеи Орџьоникиӡе, Семион Будионныи, Георги Пиатаков, Нестор Лакоба.

© Foto / музей Нестора Лакоба

Нестор Лакоба америкатәи амашьынақәагьы рныҟәцара илшон...

Нестор Лакоба америкатәи амашьынақәагьы рныҟәцара илшон... - Sputnik Аҧсны
8/18

Нестор Лакоба америкатәи амашьынақәагьы рныҟәцара илшон...

© Foto / музей Нестора Лакоба

... аҳаирплан аԥсҟы акрагьы дацәшәаӡомызт.

... аҳаирплан аԥсҟы акрагьы дацәшәаӡомызт. - Sputnik Аҧсны
9/18

... аҳаирплан аԥсҟы акрагьы дацәшәаӡомызт.

© Foto / Из книги Надежды Лютахиной "Сария возвращается домой"

Афото аҟны: Сариа Лакобеи Нестор Лакоба имашьынарныҟәцаҩи.

Афото аҟны: Сариа Лакобеи Нестор Лакоба имашьынарныҟәцаҩи. - Sputnik Аҧсны
10/18

Афото аҟны: Сариа Лакобеи Нестор Лакоба имашьынарныҟәцаҩи.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы “Моя Абхазия... Моя судьба”

Нестор Лакобеи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Џьых-оглыи.

Нестор Лакобеи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Џьых-оглыи. - Sputnik Аҧсны
11/18

Нестор Лакобеи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Џьых-оглыи.

© Foto / предоставила Пресс-служба Министерства культуры Республики Абхазия

Сариа 15 шықәса шылхыҵуаз лҭаацәа ирыцәӡаны Нестор диццеит.

Сариа 15 шықәса шылхыҵуаз лҭаацәа ирыцәӡаны Нестор диццеит. - Sputnik Аҧсны
12/18

Сариа 15 шықәса шылхыҵуаз лҭаацәа ирыцәӡаны Нестор диццеит.

© Foto / Из книги Надежды Лютахиной "Сария возвращается домой"

Нестор даныршь ашьҭахь Сариа лыԥсҭазаара гәымбылџьбарахеит, дахьҭакыз абахҭаҟны дышдыргәаҟуаз лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы.

Нестор даныршь ашьҭахь Сариа лыԥсҭазаара  гәымбылџьбарахеит, дахьҭакыз абахҭаҟны дышдыргәаҟуаз лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы. - Sputnik Аҧсны
13/18

Нестор даныршь ашьҭахь Сариа лыԥсҭазаара гәымбылџьбарахеит, дахьҭакыз абахҭаҟны дышдыргәаҟуаз лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы.

© Foto / Дом-музей Лакоба

Нестори Сариеи рԥа Рауфи Сариеи.

Нестори Сариеи рԥа Рауфи Сариеи. - Sputnik Аҧсны
14/18

Нестори Сариеи рԥа Рауфи Сариеи.

© Foto / предоставила Пресс-служба Министерства культуры Республики Абхазия

Рауф 14 шықәса анихыҵуаз дҭаркит, ашьрагьы иқәырҵеит.

Рауф 14 шықәса анихыҵуаз дҭаркит, ашьрагьы иқәырҵеит. - Sputnik Аҧсны
15/18

Рауф 14 шықәса анихыҵуаз дҭаркит, ашьрагьы иқәырҵеит.

© Foto / музей Нестора Лакоба

Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакоба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.

Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакоба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит. - Sputnik Аҧсны
16/18

Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакоба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.

© Foto / музей Нестора Лакоба

Аофицалла ирыларҳәеит аполитик иԥсра агәыхь акәын ҳәа. Афото аҟны: Бериа Нестор Лакоба иҭоубыҭ даҵагылоуп.

Аофицалла ирыларҳәеит аполитик иԥсра агәыхь акәын ҳәа. Афото аҟны: Бериа Нестор Лакоба иҭоубыҭ даҵагылоуп. - Sputnik Аҧсны
17/18

Аофицалла ирыларҳәеит аполитик иԥсра агәыхь акәын ҳәа. Афото аҟны: Бериа Нестор Лакоба иҭоубыҭ даҵагылоуп.

© Foto / Абхазский Государственный Музей

Нестор Лакоба иԥсра ареспубликаҟны ихьаа дуны ирыдыркылеит. Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба иахьагьы, ес-ииуа абиԥарақәа гәыблыла дыргәаладыршәоит.

Нестор Лакоба иԥсра ареспубликаҟны ихьаа дуны ирыдыркылеит. Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба иахьагьы, ес-ииуа абиԥарақәа гәыблыла дыргәаладыршәоит. - Sputnik Аҧсны
18/18

Нестор Лакоба иԥсра ареспубликаҟны ихьаа дуны ирыдыркылеит. Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакоба иахьагьы, ес-ииуа абиԥарақәа гәыблыла дыргәаладыршәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0