https://sputnik-abkhazia.info/20251013/amra-lamiaa-akapitalt-rgylarat-usbara-anapkhgay-ikhayuays-daoup-1058249810.html
Амра Ламиаԥҳа Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп
Амра Ламиаԥҳа Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Амра Ламиаԥҳа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. 13.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-13T11:10+0300
2025-10-13T11:10+0300
2025-10-13T11:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0d/1058248179_0:75:800:525_1920x0_80_0_0_4eba575ebdd5a74f32e0333c8524854a.jpg
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Амра Ламиаԥҳа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, лара азанааҭтә ԥышәа ду лымоуп, лмаҵураҭыԥ ҿыц дахагылоит аусура анырацәоу аамҭазы. Амра Оҭар-иԥҳа Ламиа диит Тҟәарчал 1985 шықәса ԥхынҷкәынмза 17 рзы. Абжьаратәи ашкол ахьтәы медалла далгеит, анаҩс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет "Афинансқәеи акредити" азанааҭ ибзиаӡаны далгеит, иара убасгьы Уралтәи Афедералтә университет далгеит "Аргылара" азанааҭ ала.
https://sputnik-abkhazia.info/20250418/gynba-aministrtsa-reilazaara-ashayrgylarazy-ausaa-inapy-ryeiit-1054525517.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0d/1058248179_0:0:800:600_1920x0_80_0_0_36037b1b7afacdaff5777d5ca6e83484.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Амра Ламиаԥҳа Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп
11:10 13.10.2025 (ирҿыцуп: 11:30 13.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Амра Ламиаԥҳа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Акапиталтә ргыларатә усбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, лара азанааҭтә ԥышәа ду лымоуп, лмаҵураҭыԥ ҿыц дахагылоит аусура анырацәоу аамҭазы.
"Аҳәынҭқарра ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба хаҭала ҳнапы ианиҵаз аусқәа ыҟоуп. Ҳусураҿы иҟоу аҭахԥхықәрақәа ԥхьаҟа еиҳагьы ирыцлоит. Агәра ганы сыҟоуп Амра Оҭар-иԥҳа ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа рынагӡараҿы иалшо ацхыраара шыҟалҵо", — ҳәа азгәеиҭеит Гамсаниа.
Амра Оҭар-иԥҳа Ламиа диит Тҟәарчал 1985 шықәса ԥхынҷкәынмза 17 рзы. Абжьаратәи ашкол ахьтәы медалла далгеит, анаҩс – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет "Афинансқәеи акредити" азанааҭ ибзиаӡаны далгеит, иара убасгьы Уралтәи Афедералтә университет далгеит "Аргылара" азанааҭ ала.