Афонҿыцтәи афестиваль ахкынагӡаҩцәа рконцерт мҩаԥысит Афон ҿыц Акультура ахан аҿы
00:21 25.05.2026 (ирҿыцуп: 01:03 25.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Афонҿыцтәи афестиваль ахкынагӡаҩцәа рконцерт мҩаԥысит Афон ҿыц Акультура ахан аҿы.
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Чаиковски ихьӡ зху аицлабра алауриат, америкатәи апианинорҳәаҩы Енџьел Вонг, ашоу "Абжьы" аҿы аԥхьахә згаз Ельмира Караханова.
Иара убас, афестиваль аҩбатәи амш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит алекциақәа рыԥхьара: Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанба Нарҭаа репос атемала алекциа даԥхьеит, ажурналист Адгәыр Гәынба — аԥсуа шьхақәа ртопонимикеи, ашәарыцара аҵасқәеи, абна бызшәеи атемала.
Афонҿыцтәи афестиваль мҩаԥысуеит лаҵара 27-нӡа. Sputnik Аԥсны — аусмҩаԥгатә аинформациатә партниорс иҟоуп.