Кабул аԥжәара ду ҟалеит

Ателеканал Tolo News ишаҳәоз ала аԥжәара ззырхаз аҳәаанырцәтәи амчрақәа ракәзар ҟалоит. Ахҭыс ахҭыгәлаҩцәа ишырҳәо ала иҟоуп ахәрақәа заузи иҭахази.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 — Sputnik. Ахәаша, хәажәкыра ҩба, ашьыжь Афганистан аҳҭнықалақь Кабул араионқәа руак аҿы аԥжәара ду ҟалеит, атеррорист-аҽшьҩы иҽԥижәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал 1TV адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Ателеканал Tolo News ишаҳәоз ала аԥжәара ззырхаз аҳәаанырцәтәи амчрақәа ракәзар ҟалоит. Ахҭыс ахҭыгәлаҩцәа ишырҳәо ала иҟоуп ахәрақәа заузи иҭахази.

Афганистан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ ихаҭарнак Нусрат Рахими аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥжәара иахҟьаны ԥшьҩык аахақәа роуит ҳәа. Ишьу рганахь ала макьаназы официалтә дырра ыҟам.