Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа аҽа шықәсык аҽҳәара иацҵахоит

Аҩны шкәакәа алаҳәара ҟанаҵеит Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа рыҿҳәара ишацҵахо.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 — Sputnik. США апрезидент Дональд Трамп адҵа ҟаиҵеит Украинатәи аҭагылазаашьа иахырҟьаны Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа рыҿҳәара ишацҵахо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҩны шкәакәа апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит "Украина акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа США амилаҭтә шәарҭадареи жәларбжьаратәи аполитикеи ашәарҭара иҭанаргылоит, убри азы 2014 шықәса рзы Урыстәыла иадҟаҵалаз асанкциақәа рыҿҳәара иацҵахоит" — ҳәа.

2014 шықәса рзы Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина аҭагылазаашьа инадҳәаланы Урыстәыла асанкциақәа адҟарҵалеит. Нас урҭ акырынтә ирыцырҵахьан.

Москваа изныкымкәа иазгәарҭахьеит Урыстәыла аимак иалахәу тәыланы ишыҟам.