Аҵарауаа ашьақар чымазара ҿыц аадырԥшит

Ашьақар чымазара ҩ-гәыԥкны ишоит уаанӡа иԥхьаӡазар, уажәы уи хә-гәыԥкны иршо иалагеит. Абри иазкылсит скандинавиатәи аҵарауаа ҳәа аҩуеит The Lancet Diabetes & Endocrinology.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7, Sputnik. Ашьақар чымазара ҩ-гәыԥкны ишоит уаанӡа иԥхьаӡазар, уажәы уи хә-гәыԥкны иршо иалагеит. Абри иазкылсит скандинавиатәи аҵарауаа ҳәа аҩуеит The Lancet Diabetes & Endocrinology.

Ашьақар чымазара уаанӡа аинсулин амаҷреи (актәи ахкы) арацәареи (аҩбатәи ахкы) ҳәа еихыршон. Аиҳарак ачымазцәа аҩбатәи ахкы ауп ирымоу.

МИР24 ишаанацҳауа ала Швециатәи ақалақь Лунд иҟоу ашьақар чымазара аҭҵааратә Центри финлиандиатәи амоликулиартә медицина Аинститути ачымазара "аклассикатә хкы" зыхьуа 8980-ҩык ачымазцәа рҭагылазаашьа ҭырҵаауан. Аҭҵаарақәа реихшьаалақәа мҩаԥго ачымазара хә-хкыкны еихыршеит.

Аексперимент ашьҭахь х-гәыԥк рчымазара "хьанҭоуп" ҳәа азгәарҭеит.

Аҵарауаа аус адырулоит иара убасгьы аинсулин лаҵақәа рцынхәрас апластыр аԥҵара. Апластыр аилазаара альгинат ала ишьақәгылоуп.