Олег Табаков наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәоит

Ашьыжь асааҭ жәба инаркны ихыртуп СССР жәлар рартист Олег Табаков наӡаӡаз абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. Акраамҭатәи игәамбзиариахҟьаны Москва иԥсҭазаара далҵит СССР жәлар рартист, Чехов ихьӡ зху МХТ асахьаркыратә напхгаҩы, "Табакерка" асахьаркыратә напхгаҩы Олег Табаков.

82-шықәса ирҭагылаз Олег Табакова ахәышәтәырҭахь днаган 2017 шықәса абҵарамза анҵәамҭазы. Иахьа, хәажәкырамза 15 рзы Москва имҩаԥысуеит артист аҵыхәтәантәи имҩа иқәҵара ацеремониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ашьыжь асааҭ жәба инаркны ихыртуп СССР жәлар рартист Олег Табаков наӡаӡаз абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа. Чехов ихьӡ зху атеатр ахь амҩа иқәуп Табаков иҟазара абзиабаҩцәа.

Табаков иԥсҭазаара далҵит 82-шықәса дшырҭагылаз.