Забԥса иишьыз ахәыҷы лыԥсыбаҩ рыԥшааит Шәача

Вероника Тришкина дызшьыз 28-шықәса зхыҵуа лабԥса Аԥсны иҽиҵәахырц игәы ишҭаз азинхьчаратә органқәа дааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. Бестужевское ақыҭа иахьаҵанакуа абнараҿы ирыԥшааит хә-шықәса зхыҵуаз Вероника Тришкина лыԥсыбаҩ. Абри атәы аанацҳаит "Кубанские новости".

Уаанӡатәи аинформациала Вероника Тришкина лабԥса, 28-шықәса зхыҵуа Мурад Шахмирзаев иҿы иқәшаҳаҭхеит.

Иара иоуп азинхьчаратә органқәа аԥсыбаҩ ахьыҟаз азы аинформациа рызҭаз.

Аԥшаарақәа ирылахәын 1,3 нызқьҩыуаак: аиқәырхаҩцәа, аволонтиорцәа, азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа, Росгвардиа адружинақәа, аказақцәа рыдружинақәа.