Хәышә-ҩык рҟынӡа анаԥшцәа ааит алхрақәа рахь

Урыстәыла Ахада иалхрахь аҳәаанырцәынтәи иааит 19 тәыла рҟынтәи амилаҭтә парламентқәа рхаҭарнакцәа 78-ҩы апарламентарицәагьы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. 80 тәыла рҟынтәи  500-ҩык инарзынаԥшуа анаԥшыҩцәа ааит Урыстәылаҟа алхрақәа хылаԥшра рырҭарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Афедералтә еизара ааԥхьарала 80 тәыла рҟынтәи  500-ҩык инарзынаԥшуа анаԥшыҩцәа ааит Урыстәылаҟа алхрақәа хылаԥшра рырҭарц. Анаԥшцәа неиуеит Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа 20 рахь", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ааԥхьарақәа нашьҭын жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахьгьы. Урҭ рҟынтәи 40-ҩык анаԥшцәа ааит  Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан рҟынтәи, ОБСЕ аҟынтәи — 116-ҩык анаԥшцәа ааит,  Бельгиа, Канада, Нидерланды, Швециа, США абрахь иналаҵаны.

Урыстәыла Ахада иалхрахь аҳәаанырцәынтәи иааит 19 тәыла рҟынтәи амилаҭтә парламентқәа рхаҭарнакцәа 78-ҩы апарламентарицәагьы (Азербаиџьан, Аԥсны, Аргентина, Ермантәыла, Ҟазахстан, Камбоджа, Кипр, Киргизиа, Мексика, Монголиа, Пакистан, Сербиа, Шьамтәыла, Таџьикистан, Туркменистан, Узбекистан, Франциа, ИуАР, Аахыҵ Уаԥстәыла).

Иара убасгьы 62 тәыла (Австриа, Бразилиа, Великобританиа, Германиа, Иран, Италиа, Египет, Ҟазахстан, Камбоджа, Китаи, Кореиа, Латвиа, Польша, Португалиа, Шьамтәыла, Финляндиа, Франциа у.у.е.) рҟынтәи 220-ҩык хаҭалатәи анаԥшыҩцәа.