Урыстәылатәи ашьапылампыласыҩцәа ркоманда рыбжьы рҭиит

Хәажәкыра 18 рзы Урыстәыла Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәыла иахьаҵанакуа иаартуп 97 нызқь алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ рҟынтәи 400 — аҳәаанырцә.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Урыстәылатәи ашьапылампыласыҩцәа ркоманда алахәылацәеи азыҟаҵаҩцәеи рыбжьы рҭиит ҳәа аанацҳауеит TeamRussia.

Ашьапылампыласыҩцәа рыбжьы шырҭиуаз азы афотоҳасабырба ҟарҵеит.

Хәажәкыра 18 рзы Урыстәыла Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәыла иахьаҵанакуа иаартуп 97 нызқь алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ рҟынтәи  400 — аҳәаанырцә. Абжьыҭира мҩаԥысуеит ахәылбыҽха асааҭ 20:00 рҟынӡа.