Палестина Израиль азашшра агәҭакуп

Аоккупациа зызуу Иордан Мраҭашәаратәи аԥшаҳәеи Мрагыларатәи Иерусалими рҟны инхоит 600 000-ҩык рҟынӡа аурымцәа. Абри палестинааи дареи рыбжьара аимабзиара иаԥырхаго аԥынгыла хадақәа ируакуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20— Sputnik. Иҭаку қәымчрыла рызныҟәареи, Израильтәи анхарҭаҭыԥқәа рыргылареи, асектор Газ аиларбгареи мзызны иҟалар алшоит Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭахь ашшыԥхьыӡқәа рынашьҭразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, адәныҟаполитикатә зҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы Палестина апрезидент иабжьагаҩ Набиль Шаат иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Адәныҟаполитикатә зҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы Палестина апрезидент иабжьагаҩ Набиль Шаат иажәақәа рыла ашшыԥхьыӡ аҟны иарбахоит:, израильтәи аоккупациа, иҭаку қәымчрыла рызныҟәареи, израильтәи анхарҭаҭыԥқәа рыргылареи, асектор Газ аиларбгареи уҳәа азҵаарақәа.

Жәабранмза алагамҭазы Палестина ахақәиҭра Аиҿкаара анагӡаратә еилакы иаднакылеит аӡбра: "ООН Ассамблеиа хадеи, ашәарҭадаратә Хеилаки, Жәларбжьаратәи ашьаустә ӡбарҭеи рахь аҳәынҭқарра Израиль азхаҵара мап ацәкразы ааԥхьара ҟаҵазарц, Израиль ҳҭнықалақьны Иерусалим ашьонаҵы".