Британиатәи адипломатцәа Ацҳаражәҳәарҭа аанрыжьит

Британиатәи адипломатцәа Москватәи Ацҳаражәҳәарҭа аанрыжьит. Иаанхаз урҭ напеинҟьарыла имҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 — Sputnik. Автобус маҷқәа хԥа рыла британиатәи адипломатцәа Москва иҟоу Британиа Ацҳаражәҳәарҭа аҵакыра аанрыжьит.

Британиа Европа атәылақәа ирыднагалоит урыстәылатәи адипломатцәа мап рцәыркырц

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипаль ахәшә иҭан дшьын.

Ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәаа ҳәамҭа ҟалҵеит.

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.