Ким Чен Ын раԥхьаӡа акәны Пекин даҭааит

КНР Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Хуа Чуньин мап ацәикит КНДР-и КНР-и рхаҭарнакцәа реинырра ахҳәаа аҭара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Аҩадатәи Кореиа Ахада Ким Чен Ын раԥхьаӡа акәны Пекин даҭааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура "Блумберг" адыррақәа хыҵхырҭаны иганы.

Амаҵзура адыррақәа рыла аусутә ныҟәара ахьынӡамҩаԥысуеи имҩаԥысраны ишыҟази рзы аҳәамҭа ыҟамызт.

Уаанӡа иапониатәи амаҵзура "Киодо" аҳәамҭа ҟанаҵахьан адәыӷба ҷыда ала Ким Чен Ын аҳәаа иаԥну ақалақь Даньдун дахысит ҳәа.

КНР Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Хуа Чуньин ажурналистцәа аниҿцәажәоз мап ацәикит КНДР-и КНР-и рхаҭарнакцәа реинырра ахҳәаа аҭара.