Авианыҟәгаҩ "Гарри Трумэн" Мрагылара иаанхар алшоит

Америкатәи амшынтә база Норфолк (аштат Вирджиниа) аҟынтәи Мрагылара ааигәаҟа инеиз авианыҟәгаҩ "Гарри Трумэн" уа иаанхар алшоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23— Sputnik. Америкатәи амшынтә база Норфолк (аштат Вирджиниа) аҟынтәи Мрагылара ааигәаҟа инеиз авианыҟәгаҩ "Гарри Трумэн" уа иаанхар алшоит, Урыстәыла аанкылара хықәкны иаҭаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аҭыжьымҭа Defense News адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Убри аан Америка аиҳабыра макьаназ абри аганахь ала аӡбра рыдрымкылац.

"Гарри Трумэн" уаҟа аҟазаара Шьамтәыла Ахада Башар Асад игәаланаршәалоит иколлега Дональд Трамп "Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахархәара аҭакс аракетатә лахысрақәа алшоит", — ҳәа шиҳәаз.

Иара убри аан Амшынбжьахаҿ авианыҟәгаҩ аҟазаара 1991 шықәса рзы аоперациа "Буря в пустыне" ашьҭахь аратациа амҩаԥгара еиланагоит. Ус шакәугьы Пентагон абри Урыстәылеи Китаии аанызкыло акәны иахәаԥшуеит.

Уаанӡа, мшаԥы 11 рзы Америкатәи амшынтә база Норфолк (аштат Вирджиниа) аҟынтәи Мрагылара ааигәаҟа инеиз авианыҟәгаҩ "Гарри Трумэн" уа иаанхар алшоит, Урыстәыла аанкылара хықәкны иаҭаны.