Арадио

Аџьынџьал: аҳәынҭқарра ҵарадыррада изышьақәгылаӡом

Аҵарауҩ Ермолаи Аџьынџьал ихыҵит 85 шықәса. Иара иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik

"Аҳәынҭқарра ҵарадыррада изышьақәгылаӡом. Сара аҵара аганахьала иҽеимкәа ааӡара соуит, иахьакәызҭгьы, зынӡа даҽакхон, иаҳа аҵара сҽазыскуан. Гха дууны иҟасҵеит аҟазарахь схы ахьсырхаз, сара исҵар акәын ма аиурист изанааҭ, мамзаргьы атәым бызшәақәа сҵар акәын. Сара иаахҭны исҳәоит, Аԥсны Анаукақәа ракадемиаҿы аус ахьызуа ԥхашьароуп ҳәа сыԥхьаӡоит, избанзар иахәҭоу аҵарадырра сымам", — ҳәа иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Аџьынџьал.