Арадио

Какоба: зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу зҵаароуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ахәыҷбаҳчақәа разымхара иахҟьаны есышықәса 300-ҩык рҟынӡа зықәра аҵанакуа ахәыҷкәа аҭыԥқәа шырмоуа.
Sputnik
Какоба: зегь реиҳа иҵарны иқәгылоу зҵаароуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара

"Еиҳарак ахәыҷбаҳчақәа рыпроблема ахьыӷәӷәоу ақалақь дуқәа рҟны ауп: Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра. Ҳаԥҟарақәа инарықәыршәаны, ахәыҷбаҳчахь инеиуа ахәыҷы хышықәса ихыҵуазар ауп.  Фышықәса инареиҳаны зхыҵуа ахәыҷы иааныжьра азин ыҟам. Иахьа, убас еиԥш аҭагылазаашьа ҟалалоит, 300-ҩык рҟынӡа ахәыҷкәа зықәра аҵанакуа ахәыҷбаҳчаҿы аҭыԥ рмоуӡакәа иаанхоит. Ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара зегь реиҳа иҵарны иаҳзықәгылоуп", —ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.