Арадио

Џьениа Виссарион Ҵәыџьба иҟазара иазкны: иусумҭақәа иҩныҵҟатәи идунеи ӡырыргоит

Аҟәа иаатит Виссарион Ҵәыџьба хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит, асахьаҭыхыҩ ган рацәала аҟазараҿы зхы аазырԥшыз иакәны дшыҟоу.
Sputnik

"Иахьа асахьаҭыхыҩцәа рыбжьара имаҷуп  асиужеттә композициа ҳәа изышьҭоу аԥызҵо, Сергеи Ҵәыџьба иакәзар, уи еиԥш аҟаҵара илшоит. Ацәыргақәҵаҿы имаҷны иӡыргоуп аграфика, уи иҟазара аганахьала ахәаԥшҩы дзыршанхаша аусумҭақәа рацәоуп. Аԥшшәы змоу иусумҭақәа ауаҩы дархәыцратә иҟоуп, афилософиа, аҭоурых аганахьала. Ирацәоуп иҩныҵҟатәи идунеихәаԥшышьа цәырызго аусумҭақәагьы", — азгәеиҭеит Џьениа арадио Sputnik Аԥсны афеир аҟны.