"Иахьазы атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 50-нызқьҩык иреиҳауп. Урҭ ртәанчахәқәа еиԥшым. Иаҳдыруеит ирықәнагоу атәанчахәы шҳазрымҭо. Аҳәынҭқарра анапхгара рыдҵала аминистрцәа реилазаарахь инаҳашьҭит иаҭахны иаҳԥхьаӡо аусмҩаԥгатәқәа зну ашәҟәы, иара убасгьы азакәан апроектқәа ԥшьба. Урҭ ҳаԥхьаҟа иҳадаҳкылар, агәра згоит аҭагылазаашьа хәыҷык ишеиӷьхо, алшара ҳнаҭоит ԥарала аиқәыршәара аганахьала.
Аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭа арбагақәа инарықәыршәаны иахьа 42 нызқьҩык иреиҳауп аус зуа.
Аха уи иахьа иҟацәҟьоу ҳҭагылазаашьа аныԥшӡом, ԥыҭҩык аус зуа ишахәҭоу еиԥш закәанла ашәҟәы аҟны иарбам, ашәахтәқәа ршәом. Ишыжәдыруа еиԥш, атәанчахәы ауалафахәы иадҳәалоуп, урҭ анцәырҳгалак, ашәахтәқәа ршәо ианалагалак, ҳтәанчахәгьы иацлоит", — иҳәеит Аџьба.