Урыстәыла АҶА Таиландҟа цхыраара инеиуеит

Ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ркоманда алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рашәара 23 рзы рышьҭамҭа ыӡит Таиланд. Дара 7 километрак иҟоу аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5— Sputnik. Урыстәыла АҶА аҳәамҭа ҟанаҵеит ашколхәыҷқәа реиқәырхара ишазыхиоу азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла АҶА азыхиоуп аиқәырхаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Таиланд аиҳабыра официалла ацхырааразы аҳәара ҟарҵар урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа амҩа ақәлара иазыхиоуп", — рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

12-ҩык ашколхәыҷқәа 10-мш рыҩныҵҟа Аԥшаара-еиқәырхаратә операциа алахәылацәа рыԥшаара иаҿын. Аҵыхәтәаны дара ахьыҟаз шьақәыргылан.

Урҭ хыхьҟа рхагаларазы аоперациа иалагараны иҟоуп. Аԥхьа ихаргалоит зҭагылазаашьа хә-километрак амҩа анысра алзыршо ахәыҷқәа. Урҭ ӡыла иҭәыз аҳаԥы рхала иҭыҵыр егьырҭгьы харгалоит.

Ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ркоманда алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рашәара 23 рзы рышьҭамҭа ыӡит Таиланд. Дара 7 километрак иҟоу аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.