Арадио

Гамсаниаԥҳа: ахалахьырхәра апроблема психологиатә факторла иазнеитәуп

Уаанӡа Жәлар реизара адепутатс иҟаз, ААУ Асоциалогиеи аполитологиеи ркафедра аиҳабы Емма Гамсаниа арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны ҳтәылаҿы аҭыԥ змоу ахалахьырхәра азы лгәаанагара лҳәеит.
Sputnik

"Ас еиԥш аҭыԥ змоу аилагараҿы закәанла ауаҩы дахьырхәтәуп. Анаҩс ажәлар рҿы аус утәуп. Сара исгәалашәоит, апрокурор иахь ашшра ицаӡомызт аԥсацәа. Азҵаара рыжәлантәқәа ракәын изыӡбоз, ҳаҭырла еизныҟәаны. Сара сахаануп сабду иԥсы анҭаз шаҟаҩы рус аҭыԥ иқәыиҵоз. Иахьа ус еиԥш иҟаз аинститутқәа рҽырыԥсахит, иԥсасиихеит. Вба змам аиҳабацәа ааидтәаланы, рхы ааидҵаны ирыӡбароуп ас еиԥш иҟоу азҵаара", — ҳәа азгәалҭеит Гамсаниаԥҳа.