"Мызкы аԥхьа Урыстәыла ачемпионат аҟны абранӡа инеиуеит уҳәар, угәырӷьаҵәа уҟалон. Иаха апенальтиқәа рыла ианаҵаха, афиналбжа аҟынӡа изымнеи ҳәа ухәыцуеит. Егьыс уахәаԥшуазар, Урыстәылатәи акоманда ахаан иҟанамҵацыз ҟанаҵеит, аҷык ауп ирыгхаз афиналбжа аҟынӡа инеирц, ахәмарра бзиагьы аадырԥшит.
Аиаша уҳәозар, ахәмарыҩцәа рыкласс ус идуум, аха дара команда ҳасабла ибзианы ихәмарит. Аӡәгьы дыҟамызт Урыстәылатәи ахәмарыҩцәа абас ибзианы ихәмаруеит ҳәа. Уажәы иаҳбаз ала, Урыстәылатәи акоманда уаҳа зҭахым ахәмарра аадырԥшит", — иҳәеит Ҳашыг.