Ердоган 19 нызқьҩык амаҵзурауаа русурақәа ирымихит

2016 шықәса ԥхынгәымзазы амчра ахҳәаразы аҽазышәара инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз Аҭагылазаашьа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны ақәҵара аднакылеит Ҭырқәтәыла аиҳабыра.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 9 — Sputnik. Ақәҵара шьаҭас иҟаҵаны иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә маҵзураҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 18 632-ҩык ауааԥсыра, урҭ аоппозиционер Фетхуллаха Гюлена идгылон ҳәа мзызс иҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Путин агәра игоит Ердоган Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҭышәыниртәалоит ҳәа

 Уаанӡа Ҭырқәтәыла Ахада Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аҭагылазаашьа ҷыда ԥхынгәы 18 рзы иаԥыххар ҟалоит ҳәа.

 Ԥхынгәы 16 2016шықәса рзы аоппозиционерцәа ргәыԥк иаԥшьыргеит аҳәынҭқарратә мчра аарҳәра. Аиҿагыларақәа ирыхҟьаны иҭахеит 240-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит ҩ-нызқьҩык инареиҳаны.

Убри ашьҭахь 50 нызқьҩык рҟынӡа ҭакын, 140 нызқьҩык рҟынӡа русурақәа ирымхын.

2016 шықәса ԥхынгәымзазы амчра ахҳәаразы аҽазышәара инадҳәаланы атәылаҿ иалагалаз Аҭагылазаашьа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны ақәҵара аднакылеит Ҭырқәтәыла аиҳабыра. Ақәҵара шьаҭас иҟаҵаны иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарратә маҵзураҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 18 632-ҩык ауааԥсыра.