Таиланд ахәыҷқәа реиқәырхаразы имҩаԥгаз аусура хыркәшоуп

Ахәыҷқәа аҳаԥы рҭыгаразы аоперациа еиҭалагеит иахьа ашьыжь, асааҭ 10:08 рзы. Аҳаԥаҿы усҟантәи аамҭазы инханы иҟан ԥшьҩык ақәыԥшцәеи урҭ разыҟаҵаҩи. Уажәтәи аамҭазы аоперациа хыркәшоуп. Ахәыҷқәеи урҭ разыҟаҵаҩи аҳаԥы ихәыҵгоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik. Ахәыҷқәеи урҭ разыҟаҵаҩи аҳаԥы ихәыҵгоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Spring News адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны. 

Аҳаԥы иара убасгьы иҭыгоуп ахәыҷқәа рыԥшааижьҭеи дара ирыцҟоу ԥшьҩык аррамаҵзурауаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ажәбатәи ахәыҷы Таиландтәи аҳаԥы дхәыҵгоуп

Хыхь ихаргалаз ахәыҷқәа зегьы ахәыштәырҭақәа рахь инагоуп.

Арыцҳара ҟалеит рашәара 23 рзы. Аҳаԥы Тхам Луанг иҭалаз ахәыҷқәеи разыҟаҵаҩи иаалырҟьан аӡы ахьышьҭыҵыз иахҟьаны аҳаԥы ихәыҵахеит. Дара рыԥшааит жәамш рышьҭахь. Ахәыҷқәа рыԥсы ҭан аха рымчқәа акыр имаҷын.

Аҳаԥы иҭыргаз ахәыҷқәа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Аҳаԥаҿы иҷаԥшьоз аҳақьымцәа ишырҳәоз ала ахәыҷқәа ргәы каҳаны иҟам.

Аҳаԥы Тхам Луанг аҿаԥхьа иааиԥмырҟьаӡакәа игылан 13 цхыраара-ласы, иҷаԥшьон аҳақьымцәа.

Ацхыраара иалахәын шәҩыла аиқәырхаҩцәа.