Ҟарачы-Черқьесски Чечентәылеи аҳәаанырцәтәи рџьынџьуаа рыдкылара иазыԥшуп

2018 – 2020 шықәсақәа рзы Чечентәылаҟа 150-ҩык, Ҟарачы-Черқьесскҟа 375-ҩык ауааԥсыра нхара ииасып ҳәа агәыӷра ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥыза-министр инапы аҵаиҩит аиҳабыра рықәҵара Ҟарачы-Черқьесски Чечентәылеи аҳәаанырцәынтәи аџьынџьуаа рыдкылараз апрограмма ралархәраз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара снапы аҵазҩит аиҳабыра рықәҵара Ҟарачы-Черқьесски Чечентәылеи аҳәаанырцәынтәи аџьынџьуаа рыдкылараз апрограмма ралархәразы", — иҳәеит Медведев асоциал-економикатә ҿиаразы аиҳабыратә комиссиа аилатәараҿы.

Арҭ аҩ-республикак раԥхьаӡа акәны асеиԥш иҟоу апрограмма иалархәуп.

Медведев иазгәеиҭеит аҳәаанырцәынтәи арахь иаагахо аџьынџьуаа зҟазара ҳараку, ззаанаҭ арегион аҟны ахархәара ду аманы иҟоу шракәу.

"Агәра згоит арегион аҿеиԥш атәыла зегьы аҿы ари апрограмма хра аманы иҟалап ҳәа" — иҳәоит Медведев.