Арадио

Саманба: амаахыр, аҵәа, ашымҳа ирылху аҩы ҳхаҿра арԥшӡом

Асертификациеи ахархәаратәи-атехникатәи хылаԥшразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Гагра араионаҿ имҩапӷаз агәаҭарақәа рылҵшәа атәы.
Sputnik

"Пицунда имҩаԥаагаз агәаҭарақәа ирылҵшәаны еилкаахеит, ирҭиуа аҩы зынӡа ишҩым. Агәаҭарақәа мҩаԥган Риҵа аҩхааҿгьы. Аҭагылазаашьа зегьынџьара еиԥшым, хымԥада, иҟоуп зус ламыс цқьала иазнеиуагьы. Ирҭиуа аҩқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амаахыр, аҵәа, ашымҳа ирылху аҩқәа, урҭ ауаҩы дыршьуа иҟам, аха ҳхаҿра арԥшӡом ари аус. Иахьатәи аԥсшьаҩы ус еиԥш иужьо иакәым, даргьы акыр збахьоу роуп, убри аҟнытә, Аԥсны ак збап ҳәа иаауа, ахәышәтәырҭаҿы иԥсшьара аамҭа ихыигартә иҟаҳамҵап", — ҳәа азгәеиҭеит Саманба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.