Урыстәыла адәныҟатә хәаахәҭра аикәыршара иацнаҵеит

2018 шықәса ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аҳасабырба ашьаҭала Урыстәылеи, Украинеи, Ҭырқәтәылеи рыдәныҟатә хәаахәҭра аикәыршара иацырҵеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12— Sputnik. 2018 шықәса ажьырныҳәа инаркны лаҵарамзанӡа Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аҳасабырба ашьаҭала Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыхәаахәҭратә еикәыршара 46,2% ихаланы иартәеит 11,387 миллиард доллар. Урыстәылеи Украинеи иара убри аамҭа иаҵанакуа аамҭахҵәахала рыхәаахәҭратә еикәыршара 28,7% ихалеит, иагьартәеит 5,838 миллиард доллар ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аҳасабырба шьаҭас иганы.

Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа аекпорт иартәеит 9,731 миллиард доллар (44,6% еиҳаны), аимпорт— 1,656 миллиард доллар (1,6 еиҳаны).

Урыстәылантәи Украинаҟа аекспорт иартәеит 3,629 миллиард доллар (30,3% еиҳаны), аимпорт— 2,209 миллиард доллар (26,3%еиҳаны).