Зықәра намӡац рганахь ала ацәгьоура ахьырхәра еиҳа ирӷәӷәахоит

Аԥшьаша, ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа алацәажәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13— Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа алацәажәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект.

Аԥсны абираҟ аҳәынҭқарратә хьчара аиуеит

Ушьҭарнахыс абри азакәан апроект инақәыршәаны зықәра намӡац рганахь ала ацәгьоура "ацәгьоура хьанҭа" акатегориахь ииагахоит. Адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала аиҭакрақәа рыдыркылеит.

"Абри азакәан апроект адкылара ацәгьоура ахьанҭареи усеиԥш зуз рҭакԥхықәреи еибакапануа иҟанаҵоит", — иҳәеит апроект адепутатцәа ирыдызгалаз адепутат Валери Агрба.

Иара игәаанагарала зықәра намӡац рганахь ала ацәгьа зуз рахьырхәра арӷәӷәара асеиԥш иҟоу ахҭысқәа еиҳа иԥнарҟәҟәаауеит.

Агрба Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа диҳәеит азакәан апроект ԥшь-ԥхьарак рыла ирыдыркыларц.

Апарламент адепутатцәа еицҿакрыла азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала ирыдыркылеит.