Зыԥсҭазаара ахәыҷқәеи акультуреи ирзызкыз

Аԥсны даара ирацәаҩуп, зыԥсҭазаара ахәыҷқәа рааӡареи, иара убас акультуреи иазыскуа ауаа, аха арҭ аҩ-уск реилагӡара зылшо рацәаҩымзаргьы, дара рыбжьара дыҟоуп, иахьагьы Гагра араион ауаажәларратә ус иадгылоу Венера Владимир-иԥҳа Чагәааԥҳа.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Венера Чагәааԥҳа диит Гәдоуҭа араион, Калдахәара ақыҭан, унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз, пату зқәыз Владимир Чагәааи Ардасиа Цәеиԥҳаи рҭаацәараҿы.Дара ирааӡеит ҩыџьа аԥҳацәа: Венереи, Еммеи.

Афотосахьак аҭоурых: Гьаргь иџьарқәа хԥа ирыԥсахаз Виктор иҭоурых

Владимир Чагәаа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны фырхаҵарыла деибашьуан, ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аорденқәеи, амедалқәеи.

Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса аус иуан Калдахәаратәи ақыҭсовет ахантәаҩыс.

Венера раԥхьаӡакәны аҵарадыррахь лшьаҿа ахьеихылго лқыҭатәи ашкол аҟны быжь-класск рҿы даннеилак, диасуеит Блабырхәатәи абжьаратә школ ахь, уи дагьалгоит.

Венера Чагәааԥҳа 10 шықәса анылхыҵуаз инаркны, лыхшыҩ азцо иалагеит амилаҭ кәашара.

Ашкол аҟны имҩаԥысуамызт иарбанызаалак ныҳәак, аҭыԥҳа далахәымкәа.

Лара аиҳабыратәи аклассқәа рахь даннеи, илыӡбеит лыԥсҭазаара акультура иадылҳәаларц. Ашкол даналгалак дҭалоит Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа, аклубтә усураҿы аметодисти-аиҿкааҩи афакультет. Ари аҵараиурҭа ашьҭахь, Венера дҭалоит Москватәи аҵара-лашаратә институт, еиҭа аклубтә усураҿы аметодисти-аиҿкааҩи афакультет уахынлатәи аҟәша, лдыррақәа реизырҳаразы.

Иреиҳау аҵара анлоулак, аусура далагоит лқыҭатәи аклуб аиҳабыс. Араҟа аус луит шықәсыки бжаки.

"Аусура саналага исывагылаз рацәаҩхеит. Ақыҭа аиҳабыра, акласс аҟны исыцтәаз роума, исеигәырӷьаны исԥылеит. Аклуб аколлективи сареи ҳаицхырааны иаԥаҳаҵеит атеатр маҷ. Лассы-лассы апиесақәа ықәҳаргылон. Иҳаман аестрадатәи, жәлар ринструменталтәи агәыԥқәа. Шулиа Сымсым ҳәа иҟаз азҟаза ибзоурала шаҟаҩы жәлар рмузыка абзиабара рылааӡоузеи. Есыуаха, ҳқыҭауаа аклуб ахь иаауан, рыԥсы ршьон, ргәы рхашҭуан еиуеиԥшым ақәгыларақәа ианрыхәаԥшуаз. Ажәакала, аԥсҭазаара акалашәа ихазынан", — лҳәоит акультура аусзуҩ.

Лӡаа "ауыӷә" рхызхыз

Ақыҭатәи аклуб ааныжьны, Венера аусура диасуеит Калдахәаратәи аинтернат ахь, апионертә ԥыза аиҳабыс. Уи иақәлырӡуеит 18 шықәса.

"Андреи Чычба иакәын усҟан аинтернат аиҳабыс иҟаз. Ахәыҷқәа рааӡараҿы бсывагыл ҳәа дансыҳәа, мап сзымкӡеит, аклубтә ус ааныжьра сгәы шыснархьуазгьы", — ҳәа азгәалҭоит Венера Владимир-иԥҳа.

Абасала, акультура аамҭала иааныжьны, еиҵагыло абиԥара дырԥызахеит аԥҳәызба.

"Аинтернат аҟны аусура еиҳагьы аҭакԥхықәра сыднаҵеит. Избанзар, ахәыҷқәа рҿаԥхьа агха ухьыр ҟалаӡом", — лҳәоит ааӡара ус знапы алазкыз Венера.

Калдахәаратәи аинтернат аҟны, традицианы ирыман, есышықәса иреиӷьу акласс ахәыҷқәа, Урыстәыла ақалақьқәа руакы ахь ныҟәара ргара.

"Изныкымкәа ҳцахьан Москва, Ленинград, Севостополь, Харьков, Волгоград уҳәа. Аха зегь раасҭа сгәалашәараҿы ианхаз ныҟәароуп Харьковтәи аныҟәара. Ари ақалақь азааигәара, ақыҭа Весиолое ҳәа иҟоуп. Убраҟа, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан дҭахеит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, Џьырхәатәи арԥыс Владимир Ҳаразиа. Ҳара иџьаҳшьеит, аҭыԥантәи анхацәа шаҟа игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵоз. Аԥснынтәи асасцәа ҳзааит рҳәан, Владимир Ҳаразиа ибаҟа аҿаԥхьа агәалашәаратә усмҩаԥгатә еиҿыркааит. Ақыҭаҟны амҩа хадеи, ашколи, Ахьӡ-аԥша амузеи ихьӡ рыхҵоуп ҳаибашьҩы. Уи хымԥада ҳаҟара ҳацнаҵеит, ҳгәы арԥшааит", — акрызҵазкуаз аныҟәара далацәажәоит апионер ԥыза хада.

1 / 4
Венера Чагава
2 / 4
Венера Чагава
3 / 4
Венера Чагава
4 / 4
Венера Чагава

1979 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа, Венера Чагәааԥҳа аус луит Ԥсахаратәи ахәыҷбаҳча ааӡаҩс. Ашьҭахь диасуеит Гагратәи акультура аҩнахьы аметодистс.

"Аҭаацәара саналала, нхара ҳаиасуеит Гаграҟа. Убри аҟнытә есыҽны Калдахәараҟа ацара-аара сцәыуадаҩхеит. Зны аусура салагеит Ԥсахартәи ахәыҷбаҳчаҿы. Аха, снахәыцын, раԥхьатәи сусуратә шьаҿақәа акультурала салагеит, ҩаԥхьа сазыхынҳәып аасгәахәеит. Усҟан Гагра араион акультура аҟәша аиҳабыс иҟаз Иури Ҭориа иҟны снеит. Сдиплом анисырба, иаразнак сидикылеит", — ҩаԥхьа акультура дшазыхынҳәыз лгәалашәоит Венера Владимир-ипҳа.

Асовет аамҭақәа раан, Гагра араион аҟны акультура аҩнқәа быжьба ыҟан, ақыҭатә клубқәа 22. Убраҭ рхылаԥшра лнапы ианын аметодист Венера Чагәааԥҳа.

"Усҟантәи аамҭақәа раан, акультура аминистрра даара рылаԥш ҳхын. Лассы-лассы агәаҭарқәа рымҩаԥгаразы иаҳзаалон. Асеминарқәа шымҩаԥызго иацклаԥшуан. Гагра араион акультура аганахь ала аӡәгьы иашьҭахь игыламызт. Араҟа еиҿкаан Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ифольклортә ансамбль "Кьараз", Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа напхгара зиҭоз Жәлар ринструменталтә ансамбль, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба иансамбль "Афырҭын", Аԥсныи Қырҭтәылеи зҽаԥсазтәыз артистка, еицырдыруа ашәаҳәаҩы Зоиа Аншԥҳа напхгара зылҭоз ачамгәыр арҳәаҩцәа рансамбль "Ԥсоу", даараӡа ирацәан аҭаацәаратә коллективқәа, Цәеиаа рансамбль, Хараксианаа уҳәа", — еиҭалҳәоит лара.

Гагратәи акультура аҩнаҟны, Венера Чагәааԥҳа аус луан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа. Анаҩс, аашықәса ашколтә ԥсҭазаара иақәлырӡит.

"Гагратәи ақырҭуа абжьаратә школ №1 ҳәа иҟаз, аибашьра ашьҭахь иаԥсыуаны аусура иалагеит. Усҟан, акультура аҩны аҭагылазаашьа даара иуашәшәыран, арахь ахынҳәра ааигәа ишалымшоз еилкааны, ашкол адиректорс иахагылаз Валери Орчыҟәба иааԥхьара сыдыскылеит, аусура салагеит ааӡаҩыс, анаҩс аиҿкааҩс", — лҳәоит лара.

Белла Кокосқьериаԥҳа: ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥсуароуп шьаҭас иҟаҵатәу

Венера Владимир-иԥҳа лажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахьтәи ахәыҷқәа аус рыдулара мариамызт. Дара реиҳараҩык ргәы ԥҽын. Иҟан забацәа, забдуцәа, зыуа-зҭынха ҭахаз.

"Аибашьра ҟалаанӡатәии уи ашьҭахьтәии ахәыҷқәа еиҿсырԥшо саналага, сгәы каҳаит. Избанзар, аибашьра ааха ззыннажьыз рыпсихологиа кәадан, алеишәа ҷыда рыман, рыблақәа аццышә хымызт. Убри аҟнытә, арҵаҩцәа зегьы, аҵара инаваргыланы, ахәыҷқәа аччаԥшь рзырхынҳәра ҳалагеит", — аибашьра ашьҭахьтәи лусура далацәажәоит Венера Чагәааԥҳа.

Гагратәи абжьаратә школ №1 ахатәы-азеиԥш ҵарадырратә школ "Альфа" ҳәа ианыҟала, Венера аусура диасуеит аиҭашьақәыргылара амҩа ианыз Гагратәи акультура аҩнахьы, уажәшьҭа аиҳабыс.

"Усҟан Гагра араион акультура аҟәша аиҳабыс иҟаз Ҭенгьиз Габуниа, "ажьа ахьыцҟьаз игьежьуеит", бзиала баабеит ҳәа сеиҳәан, акультура аҩны аиҳабыс сахаиргылеит", — ҳәа азгәалҭоит лара.

Ари амаҵураҟны Венера Владимир-иԥҳа акыр шықәса аус луит. Иахьа Гагра араион акультура аҟәша аспециалист хадас дыҟоуп.

Венера Чагәааԥҳа аус ахьылуа аколлектив аҭаацәара ду ҳәа азуҳәар алшоит. Ҳраион ахьӡ ҭыргоит акультура аҩнаҟны еиҿкаау ашәаҳәаратәии акәашаратәии аколлективқәа. Уи зегь зыбзоуроу раӡәкра ауп.

"Хымԥада акырӡа иаҳныԥшуеит, уамак рыбжьамхакәа зыԥсҭазаара иалҵыз, Гагра араион акультура аԥхьагылаҩцәа иреиуаз, уи моу ҳтәылеи аҳәаанхыҵи зыхьӡ хара инеихьаз Аԥсны Жәлар рартистцәа Баграт Багаҭелиеи, Оҭар Хәынҵариеи, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Зоиа Аншԥҳаи, Лев Қьецбеи. Дара рыхьӡ наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Иахьа арҭ азҟазацәа дуцәа ираԥызгаша аҿар еиҵагылеит. Уигьы хымԥада угәы иамыхәар залшом", — лҳәоит акультура аҟәша аспециалист хада.

Венера Чагава

Венера Владимир-иԥҳа Чагәааԥҳа акультураҿы илбахьоу аџьабаазы иланашьоуп аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи.

2009 шықәсазы, далкаан, Гагра араион иреиӷьу акультура аусзуҩ ҳәа. 2011 шықәсазы, илыхҵан Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аузуҩ ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Аусура дуӡӡа инаваргыланы, Венера Чагәааԥҳа иаԥылҵеит аҭаацәара бзиа. Лыԥшәма Валентин Зарданиеи лареи ирааӡеит ҩыџьа ахшара. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан лыԥҳа Лиудмила Афонтәи агоспиталь аҟны, аԥҟаратә ҟәшаҟны амедеиҳәшьас дыҟан. Лԥа Руслан аус иуоит ортопедтә центр аҟны апратез ҟаҵаҩыс.

Ԥхынгәы 25 рзы, Венера Владимир-иԥҳа Чагәааԥҳа илхыҵуеит 77 шықәса.

Ахәыҷқәа рааӡареи, акультура аҿиареи иазааԥсаз, аԥсуа ԥҳәыс хазына, ан, анду Венера Чагәааԥҳа иахьа лгәы бзианы, длахҿыхӡа лколлективи лҭаацәеи дышрылагылоу еиԥш, лассамҭа дрыгымзааит.