"Ахьыԥшымра азҵаара иалацәажәоижьҭеи акрааҵуан, аха иара аныӡбахаз аибашьраҿы Аиааира анаҳга ауп. Аимак-аиҿак ҟамҵакәа, ҳаилацәажәаны акаҿы ҳааит. Аиааира анҳау ауп ахьыԥшымрагьы анҳау, акны иҟаҳҵап ҳәа иазаҳаӡбеит. Адепутатцәа зегьы иақәшаҳҭхеит ари аӡбамҭа, ԥсахшьагьы ақәым ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.