Путини Трампи ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа еицәажәон

Путини Трампи хаҭала реиҿцәажәара ашьҭахь иалагеит инарҭбаау америка-урыстәылатәи аиҿцәажәарақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Урыстәылеи Америкеи рпрезидентцәа Владимир Путини Дональд Трампи реиҿцәажәара мҩаԥысуан 2 сааҭки 10 минуҭки ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Трамп Урыстәыла аҩызара хра амоуп ҳәа ишьоит

Аиԥыллара апротокол ала иара иазыԥҵәан 1,5 сааҭ.

Аграфик ала инарҭбаау аиԥылара иазоужьуп сааҭки 45 минуҭи.

Зегьы еицҿакны иазгәарҭоит адиалог алагара хра змоу усуп ҳәа.

Путини Трампи хаҭала реиҿцәажәара ашьҭахь иалагеит инарҭбаау америка-урыстәылатәи аиҿцәажәарақәа.