Хра злоу ахҭысқәа: Гогиаԥҳа мызктәи ауаҩы иԥсымышьҭыга иазкны
© Sputnik
"Аԥсымышьҭыга ҳәа изышьҭоу ари асоциалтә рбагоуп. Зда ԥсыхәа ыҟам аҩаӡара аныҳараку, аҳәынҭқарраҿы егьырҭ асоциалтә рбагақәагьы ҳаракуп. Ауаҩы иоуа ауалафахәы зда ԥсыхәа ыҟам зынчарак еиҳазароуп ҳәа ишьоуп, убри еиҵаны иҟамзароуп. Убри аныҟоу ауаҩы дыԥсуам ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳара ҳҟны 2017 шықәса рзы бжьаратәла ауалафахәы 11 нызқь мааҭ арбан. Аԥсымышьҭыга абиуџьеҭ ҳаналацәажәо, 2017 шықәса рзы 6627 мааҭ арбан. Аԥсымышьҭыга анаҳаԥхьаӡо амилаҭтә қьабзқәеи аҭыԥантәи аҷыдарақәеи ашәахтәқәеи алоуп, аха уи иаанагаӡом аԥсреи абзареи ахь иаҳгоу уахь иалоуп ҳәа. Амилаҭтә қьабзқәеи аҭыԥантәи аҷыдарақәеи анаҳҳәо, афатә аганахьала ауп иаангоу, абысҭа аҟәыд уҳәа", — ҳәа азгәалҭеит Гогьиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.