Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аекспедициа мҩаԥнагоит

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт есышықәса имҩаԥнаго афольклортә, аетнологиатә, абызшәатә експедициа аусура хацнаркит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik, Сусанна Ҭаниаԥҳа. Сынтәа аекспедициа напхгара алҭоит афольклортә ҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа. Аекспедициа иалахәуп 20-ҩык инареиҳаны аинститут аусзуҩцәа, иара мҩаԥыслоит мызкы аҩнуҵҟа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 90 шықәса ахыҵит

Аекспедициа алахәылацәа хықәкыс ирымоуп Гәдоуҭа араион иаҵанакуа ақыҭақәа Аҷандареи Абӷархықәи рҭаара, ауааԥсыра рыҿцәажәарала абызшәатә, афольклортә, аетнографиатә нҵамҭақәа рыҟаҵара, реизгара, нас аҭыжьра разырхиара. Урҭ анҵамҭақәа аҭҵаарадырраҿы хархәара рзухоит.

"Иахьа иҭыуымҵааз, ианумҵаз аматериал ҳаԥыхьаҟа иуоуӡом. Убри азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит арҭ ақыҭақәа рматериал аизгаразы. Иҟоу ашоурақәагьы ԥырхага ҳарҭарым ҳәа сгәы иаанагоит", – азгәалҭеит аекспедициа анапхгаҩы Габниаԥҳа.

Ас еиԥш иҟоу аекспедициақәа Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнагоижьҭеи акрааҵуеит.