Краснодар аполициа аусзуҩцәа ааныркылеит

Краснодар аполициа аусзуҩцәа ааныркылеит, иаанкылоу рганахь ала аусҭҵаарақәа рымҩаԥгара хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Краснодартәи аполициа аусзуҩцәа ҩыџьа рганахь ала ашьаус хацыркуп. Дара анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуеит ҳәа агәҩара ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Краснодартәи аполициа аусзуҩцәа ҩыџьа рганахь ала ашьаус хацыркуп. Дара анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуеит ҳәа агәҩара ыҟоуп", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла хәажәкырамзазы аполициа аусзуҩцәа аҭыԥантәи ауаҩы иаадырхәеит анаркотикатә маҭәашьар, 0,28 грамм зкапануаз.

Атранспорттә полициа апресс-маҵзура иазгәанаҭоит амаҵзуратә ҭҵаарақәа ирылҵшәаны аполициа аусзуҩцәа рмаҵураҟынтәи рхы рақәиҭтәра азҵаара шыӡбахо, иара убасгьы рнапхгара адисциплинартә лахьы шрыҭахо.

Аполициа аусзуҩцәа аанкылоуп, аусҭҵаара мҩаԥысуеит.