Арадио

Аламиа Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа ицара иазкны: ҳшыӷәӷәоу зегьы идирбарц иҭахын

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахада Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аԥснынтәи аделегациа 1992 шықәса рзы Ҭырқәтәылаҟа рцара аҵакы атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит усҟан аделегациа иалахәыз ашәҟәыҩҩы Геннади Аламиа.
Sputnik

"Ари Владислав Арӡынба ихаҭа ииҭахыз хҭысын. Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби, адырҩаҽныҵәҟьа амҩа ҳақәлеит. Ахҭысқәа рыҿиашьа анахьгьы арахьгьы ҳгәылацәа иргәаԥхом, иfкәым алырхыр алшоит ҳәа зҳәозгьы ыҟан. Владислав Арӡынба зегьы идирбарц иҭахын адунеи аҿы ҳара ҳхала ҳшыҟам, амч шҳамоу. Уи ақырҭцәа мацара ракәым, ҳакәша-мыкәша иҟаз зегьы идирбарц иҭахын", — ҳәа азгәеиҭеит Аламиа уи аҭоурыхтә хҭыс игәаларшәауа.